Print this page
Vrydag, 04 Мшаҧы 2025 10:25

Иахьа Шьалуа Ҷыф-иҧа Гыцба 89 шықәса ихыҵуан

Иахьа, мшаԥы 3, 89 шықәса ихыҵуан Аҧсны Жәлар рартист, Ахьӡ-аҧша аорден II-тәи аҩаӡара занашьаз Шьалуа Ҷыф-иҧа Гыцба.

Шьалуа Гыцба аус ицура еиҵагыло аҿар рзы насыҧ дуун, асценаҿы иаԥиҵаз еиуеиԥшым арольқәеи ахаҿсахьақәеи аԥсуа театр аҭоурых аҿы наунагӡа иаанхоит.

Збаҩхатәра ҳараку, зыԥсҭазаара зегьы аԥсуа театр иазызкыз, Шь. Гыцба, 2014 шықәса инаркны ааҧсарак ҟамҵакәа Аҧсуа Ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аҟны аус иуан.

Шьалуа Ҷыф-иҧа иқәиргылахьеит ахәаҧшцәа зыхә ҳаракны иршьо имаҷымкәа аспектакльқәа.

Аҿар ртеатр арепертуар аҟны иҟоуп:

«Қьалашьбеи»;

«Амцҳәаҩ даҭахуп»;

«Анаурқәа»;

«Инаҧҳа Кьагәа»;

«Амшаҧаҽны».

 

Read 366 times Last modified on Woensdag, 16 Ԥхынгәы 2025 13:05