Print this page
Woensdag, 01 Жьҭаара 2025 13:59

Гәынбеи Кириенкои аҭааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аҭааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи.

Аԥсны ахадеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩи амузеи аҩнуҵҟа аекскурсиа рзымҩаԥылгеит уи аиҳабы Мзиа Беииаԥҳа.

Кириенко иазгәеиҭеит амузеи Урыстәылатәи агранттә программа алахәхара шалшо, насгьы аиҭашьақәыргылареи анаҩстәи аусурақәеи рзы афинанстә цхыраара аиуразы алшара шыҟало. Уи азы адҵа хара имгакәа иҟаҵахоит.

 

Read 255 times Last modified on Woensdag, 01 Жьҭаара 2025 13:59