Print this page

Гәынбеи Кириенкои РУСДРАМ амузеи иаҭааит

01 Жьҭаара 2025 15

Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои РУСДРАМ амузеи иаҭааит.

Амузеи аартын нанҳәамза 26 рзы. Аекспозициа 120 раҟара експонат аҵанакуеит — афишақәа, адокументқәа, афотосахьақәа, атеатр аҭоурых зныԥшуа амаҭәарқәа.

Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко ҳа ыр зқәу асасцәа рышәҟәынҵа аҟны инапынҵамҭа аанижьит, аҩ-ҳәынҭқаррак ркультуратә еимадарақәа рырҭбаара шхымԥадоу азгәеиҭеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.

Апроект нарыгӡеит Бахрушин ихьӡ зху атеатртә музеи аҟазауаа, Урыстәылеи Аԥсни ркультура аминистррақәа рыдгалара.

 

Last modified on Woensdag, 01 Жьҭаара 2025 14:05