Print this page

Амилаҭтә музыка аҩны Аҟәа аартра иалацәажәеит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои

01 Жьҭаара 2025 10

 

Амилаҭтә музыка Аҩны ргылахоит Лакоба имҩаду ала, ари ахыбраҿы уаанӡа инхон Урыстәыла ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны иалҵыз Сергеи Кириенко иҭаацәа.

Иара иӡбеит, ихатә харџь ала ахыбра еиҭашьақәыргыланы Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рмузыкатә рҳәагақәа аҳәынҭқарратә оркестр уахь аиагара, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.

Бадра Гәынба иажәақәа рыла, ахыбра XX-тәи ашәышықәсазы иҟаз Аҟәа аклассикатә стиль аиқәырхаразы архитекторцәа аҭҵааратә ус ду мҩаԥыргеит.

Архитектор Кама Кациаԥҳа ишылҳәаз ала, актәи аихагылаҿы амилаҭтә музыкатә рҳәагақәа рҿырԥштәқәа зну ацәыргақәҵатә зал еиҿкаахоит, аҩбатәи — аусурҭақәеи аконцертқәа рымҩаԥгаразы аҽазыҟаҵаратә зали.

Аргыларақәа рхыркәшара азгәаҭоуп 2026 шықәса анҵәамҭазы.

 

Last modified on Woensdag, 01 Жьҭаара 2025 14:05