Print this page
Dinsdag, 14 Жьҭаара 2025 14:55

Афестиваль «Укәаша, ушәаҳәа, с-Урыстәыла, с-Аԥсынтәыла!» аконцерт хада мҩаԥысуеит Аҟәа

VIII афестиваль «Укәаша, ушәаҳәа, с-Урыстәыла, с-Аԥсынтәыла!» аконцерт хада мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы.

Афестиваль аҟәатәи ахәҭа аҟны иқәгылеит 250-ҩык артистцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны еицырдыруа арҿиаратә коллективқәа: Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль, ахәыҷтәы ансамбльқәа «Абаза», «Аураашьа», «Кәыдры», «Афырҭын», авокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» уҳәа убас егьырҭгьы.

Афиналистцәа ԥхынҷкәын мзазы Москва иқәгылоит, дара иранашьахоит аԥаратә ҳамҭақәа.

Сынтәа иара жәларбжьаратәи ҳәа ахьӡ аиуит. Апроект мҩаԥысуеит Урыстәыла ахада ифонд акультуратә хаԥшьгарақәеи «Росконцерт»-и Аԥсны Акультура аминистрра рыцхыраарала.

 

Read 222 times