Print this page
Dinsdag, 16 Рашәара 2026 19:57

Ашәҟәы «Геопоэт Даур Зантария. Шаг в XXI век» аӡыргара мҩаԥысуеит иахьа Москва

Аԥсуа шәҟәыҩҩы, аҭоурыхтә повестқәеи ажәабжьқәеи равтор Даур Занҭариа иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 7 2001 шықәсазы, 48 шықәса дшырҭагылаз.

Аурыс поет Игор Сид ишәҟәы «Геопоэт Даур Зантария. Шаг в XXI век» аӡыргара мҩаԥысуеит иахьа Москва, Урыстәыла аҳәынҭқарратә библиотека иатәу Мрагыларатәи алитература ацентр аҿы.

Ашәҟәы Сид шықәсырацәалатәи иусура иалҵшәахеит, уи амемуарқәеи аҭҵаарадырра-популиартә литературеи еиднакылоит, асахьақәа рацәаны иагәылоуп.

«Ари ашәҟәы иналукааша ашәҟәыҩҩы, апоет, акинодраматург Даур Занҭариа ирҿиараҿы иҭысҵааз иалҵшәоуп. Ҳара ҳаибадырит 40 шықәса раԥхьа. Уи ҟалеит Аҟәатәи акаҳуажәырҭа «Амра» аҟны», — ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит иара.

80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны 90-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭанӡа ашәҟәыҩҩцәа шамахамзар еиқәшәаӡомызт. Занҭариа иԥсҭазаара далҵаанӡа шықәсыки бжаки шагыз реимадара хацдыркит, уи ашьҭахь Сид изныкымкәа Аԥсныҟа Даур Занҭариа иахь сасра даахьан. Уи адагьы, акырынтә еиҿикаахьан аԥсуа шәҟәыҩҩы ирҿиаратә хәылԥазқәа.

2010 шықәсазы Сид Аҟәа Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр аартра далахәын, уи нахысгьы иусумҭақәа рыларҵәара далагеит.

«Иахьа иӡыраҳго ашәҟәы аартра хәыҷыкгьы аҵоуп — раԥхьаӡа Даур саниабадырыз, ХХ ашәышықәса аҩбатәи азбжа апрозаикцәа дуқәа ируаӡәкыз Андреи Битов Даур иажәабжьқәа руак аурысшәахь еиҭеигеит. Битов уаҳа алитературатә еиҭагақәа аус рыдимулеит. Ари иаанарԥшуеит ииашаҵәҟьаны иҷыдоу ахҭыс — Даур зегьы ҳаҭыр иқәырҵон, Битовгьы иажәабжь «Оглашенные» аҿы персонажк иаҳасабала дцәыригеит», — иҳәеит Сид.

 

Ашәҟәы хықәкыс иамоуп — Даур Занҭариа ирҿиаратә ҭынха амҽхак инагӡаны, иҵауланы амчхара аарԥшреи, насгьы уи Аԥсни Урыстәылеи рыжәлар рзы мацара акәымкәа, егьырҭ абызшәақәа жәпакы рахьгьы аиҭагаразы ихымԥадатәиу шакәу аарԥшра ауп иҳәоит автор.

«Даур иԥсҭазаара далҵит ашәышықәса ҿыц, азқьышықәса ҿыц раԥхьатәи ашықәс азы, аха сара сгәанала, ари — ишәышықәсеи зқьышықәсеи роуп. Иара иахьа даҳҭахуп, избанзар, иҩымҭақәа оумашәа актуалра рымоуп», — иҳәеит Сид.

Read 47 times