Иҷыдоу апрограмма «Аԥсны акино» аҟны ахәаԥшцәа ирыдыргалоит еиуеиԥшым ажанрқәеи авторцәа рабиԥарақәеи ирыҵаркуа, Аԥсны ганрацәала иаазрыԥшуа акиносахьақәа.
Апрограмма иалоу афильмқәа иреиуоуп «Х-чараки бналараки», «Иҭабуп даду аиааиразы», «Сара Махаз сыхьӡуп», «Акы уасҳәарц сҭахуп».
Иааизакны, сынтәатәи афестиваль апрограмма 100 инареиҳаны афимльқәа алахәуп. Ахәаԥшцәа, иара убасгьы, ирзыԥшуп аицлабратә хәаԥшрақәа, аԥхьарбарақәа, аҟазаратә еиԥыларақәа, афильмқәа рыхцәажәара уҳәа егьырҭ акультуратә усмҩаԥгатәқәагьы.