Print this page
Maandag, 22 Рашәара 2026 15:05

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи ҳамҭас иарҭеит Гәлиаа аижәлантәқәа рдырга ҷыда зну асахьа

Аусумҭа аԥылҵеит асахьаҭыхҩы Ирма Папасқьыр-Аршба. Адырга цәырган Аԥсны иналукааша ауаа рхылҵшьҭратә дыргақәа рцәыргақәҵа «Ашьҭра амч» аҿы.

Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы имҩаԥысит Гәлиа иҩны-музеи аиҳабы Светлана Қорсаиаԥҳа аҳамҭа лыҭара иазкыз аусмҩаԥгатә. Уи далахәын ашәҟәыҩҩы имаҭа Татиана Гәлиаԥҳа.

Амузеи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь, адырга ҷыда Гәлиаа рҭаацәара иазку ацәыргақәҵа ҿыц аҿы ицәыргахоит.

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит 2026 шықәса ажьырныҳәамза инаркны, аусурақәа хыркәшахароуп ашықәс нҵәаанӡа.

Read 39 times Last modified on Maandag, 22 Рашәара 2026 15:07