Print this page
Dinsdag, 07 Ԥхынгәы 2026 14:07

Сергеи Безруков 2027 шықәсазы аԥснытәи абитуриентцәа ВГИК иҟазарҭахь рыдкылара дазхиоуп

Абри атәы иҳәеит Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараан.

Урыстәыла Жәлар рартист иажәақәа рыла, 2027 шықәса ааԥынразы иалагоит урыстәыла-белоруссиатәи арежиссиор-актиортә курс ахь адкылара. Иара ажәалагала ҟаиҵеит аԥснынтәи аҿар рзы ҭыԥқәак алкаазарц. Акурс аҭалара алшоит Сергеи Безруков ихаҭа дызлахәхо аицлабратә лыԥшаара аихшьаалақәа рыла.

Артист инаҵшьны иазгәеиҭеит, акурс ианалгалак ашьҭахь аушьҭымҭацәа Аԥсныҟа рыхынҳәра аҵара аҭагылазаашьақәа ируакхароуп ҳәа. Иара игәаанагарала, уи амилаҭтә театри акинематографи рыҿиаразы акрызҵазкуа гәазыҟаҵараны иҟалоит.

 

Read 33 times