Print this page

Акультура аминистр Даур Ақаҩба Лаша Ашәба Аԥсны Жәлар Реизара хантәаҩыс иалхра идиныҳәалеит

13 Мшаҧы 2022 300

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Лаша Нугзар-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Жәлар Реизара хантәаҩыс шәалхра. Уи аҭакԥхықәра ду шәыднаҵоит. Агәра згоит, шәԥышәеи, шәдырреи, шәҟазшьа аҷыдарақәеи шәхы иархәаны, шәымч-шәылша шәшамеигӡо ҳҳәынҭқарра хәарҭа злоу азҵаарақәа рыӡбараҟны.

Ишәзеиӷьасшьоит аманшәалара ажәлар рымаҵ аура аус аҟны, аихьӡарақәа имариам аҳәынҭқарратә маҵураҟны».

Last modified on Woensdag, 13 Мшаҧы 2022 16:03