Print this page

Акультура Аминистрраҟны ирылацәажәеит Баграт Шьынқәба ииубилеи иадҳәалоу аусмҩаҧгатәқәа

03 Лаҵара 2022 430

Акультура Аминистрраҟны имҩаҧысит аминистр Даур Ақаҩба, Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, Аҧснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аиҳабы Арда Ашәба, Б. Шьынқәба иҩны-амузеи аиҳабы Роберт Џьонуа злахәыз аиҧылара.

Аиҧылараҟны ирылацәажәон Б. Шьынқәба ихьӡ зху I Жәларбжьаратәи аҧхьарақәа. Аконференциа азкуп Аҧсны жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгатәылеи Жәлар рпоет, Аҧснытәи Аҭҵаарадырратә академиа ракадемик, аҵарауаҩ-абызшәаҭҵааҩы, афольклорист, аиҭагаҩ, Асоциалисттә џьа Афырхаҵа, еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩы, СССР, Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалисттә Республика, Аҧсны Аҳәынҭқарра рҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат, «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара занашьоу Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса аҵра.

Last modified on Dinsdag, 03 Лаҵара 2022 14:21