Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр Даур Ақаҩба аԥсуа музеиқәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

18 Лаҵара 2022 377

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, амузеи аусзуҩцәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Амузеиқәа Жәларбжьаратәи рымш.

Ҳмилаҭтә культуратә ҭынхеи ҳҭоурыхи рыхьчареи, реиқәырхареи, аларҵәареи рзы акыр аџьабаа жәбахьеит. Уи акыр аҵанакуеит ҿыц еиҭашьақәгылаз, аха зҭоурых беиа жәытә-натә аахыс иаауа ҳҳәынҭқарра. Убри азы шәҿаԥхьа схырхәоит, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит.

Аԥсны амузеиқәа реиҿкаара рџьабаа адуп акыр абиԥарақәа рхаҭарнакцәа, гәык ала зҭоурых иазыҟаз, згәы азыбылуаз. Урҭ иаҳзаанрыжьыз аҭынха ҳара иҳахьӡырҳәагоуп, иҳаҩсхьоу ҳҭоурыхи ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥши ируакуп.

Ишәзеиӷьасшьоит ҩаԥхьагьы шәнапы злаку аус аҿы ақәҿиара бзиақәа, шәахьыҟазаалакгьы аманшәалара шәыцзааит!»

Last modified on Woensdag, 18 Лаҵара 2022 10:24