Print this page

Даур Ақаҩба Ҟарачы-Черқьестәи Акультура аминистр Зураб Агирбов диԥылеит

19 Лаҵара 2022 261

Имҩаԥысит Аԥсны Акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Ҟарачы-Черқьестәи Акультура аминистр Зураб Агирбови русуратә еиԥылара.

Аиԥылараҟны иалацәажәеит аусеицуреи аимадарақәа рырӷәӷәареи рызҵаарақәа.

Даур Ақаҩба иколлега иҭабуп ҳәа иеиҳәеит гәаартыла дахьидикылаз азы, агәыӷрагьы ааирԥшит ҩаԥхьагьы реимадарақәа еиҳа рыҽшдырҭбаауа.

Заур Агирбов иааԥхьарала Даур Ақаҩба Адыгатәи Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль «Исламеи» аконцерт даҭааит.

Last modified on Vrydag, 27 Лаҵара 2022 11:26