Print this page

Хьыбла Гьерзмааԥҳа авокалистцәа реиндаҭлара шымҩаԥгахо рылалҳәеит

24 Лаҵара 2022 172

Рашәарамза 1 азы асааит https://competitionhibla.ru аҟны ихацыркхоит Хьыбла Гьерзмааԥҳа еиҿылкааз авокалистцәа жәларбжьаратәи реиндаҭларахь азыҳәақәа рыдкылара.

Еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы лаԥшьгарала еиҿылкааз аиндаҭлара аҟыбаҩ змоу ашәаҳәаҩ ҿарацәа цхыраагӡас ирзыҟалоит.

Апроект мҩаԥнагоит Хьыбла Гьерзмааԥҳа лфонд Акультуратә хаԥшьгарақәа рзы Апрезиденттә фонд  ацхыраарала. Апартниор хадас иҟоуп К. С. Станиславскии Вл. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә музыкатә театр.

Аиндаҭлара мҩаԥгахоит ҩы-шықәса рахь знык. Иалахәхар ҟалоит ашәаҳәаҩцәа ҟазацәа қәрала 18 инаркны 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуа. Азыҳәақәа рыдыркылоит сентиабр 30-нӡа.

Аиндаҭлара аԥхьахәтә фонд иартәоит 6 700 000 мааҭ.


Last modified on Woensdag, 01 Рашәара 2022 15:35