Print this page

Леуарсан Касланӡиа дахьынхоз аҩнаҿы амемориалтә ҭӡы кыдырҵеит

01 Рашәара 2022 161

Аԥсны Жәлар рартист, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы Леуарсан Касланӡиа  (25.05.1912 – 30.08.1996) дахьынхоз аҩнаҟны (Воронов им., 8) аџьазтә барелиеф зну амемориалтә ҭӡы кыдырҵеит актиор иҭаацәа раԥшьгарала.

Ари аусмҩаԥгатә ацхыраара арҭеит Аҟәа ақалақь ахадареи С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театри.

Амемориалтә ҭӡы аартра ацеремониа иалахәын С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиреқтор Алхас Ҷолокәуа, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе, Акультура Аминистрра ахаҭарнакәца, Леуарса Касланӡиа иуацәеи иҭынхацәеи.

Алхас Ҷолокәуа еизаз аԥсшәа раҳәо иазгәеиҭеит, Леуарсан Касланӡиа ииашаҵәҟьаны ахәаԥшцәа рыбзиара зырҳаз жәлар драктиорны дшыҟаз.

Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба иазгәеиҭеит: «Иахьа ара ҳаизызгаз хҭыс дууп – ҳара иааҳартуеит Лео Касланӡиа изку амемориалтә ҭӡы. Уи ҳаҭыр дууп ҳара ҳзы. Леуарсан Касланӡиа зегьы рзы дҿырԥшыган. Иара изы зегь раԥхьа ихадаз асцена, изанааҭ ракәын. Ас еиԥш уус уазыҟамзар, ақәҿиарақәа узырҳаӡом атеатртә ҟазараҟны адагьы, иарбан усзаалак аҿгьы. Иара ус иҳәон есымша: "Урежиссиорзгьы, уактиорзаргьы, усузсҭазаалак, уи акәӡам ихадароу, зегь раԥхьа Аԥсуара ныҟәызго уаҩызароуп, уи еиҳау егьыҟам"».

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи адиреқтор иазгәалҭеит, Леурсан Касланӡиа иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадаз атеатр шакәыз. «Еснагь иџьасшьоз – аԥсҭазаарахь имаз абзиабароуп. Изанааҭ оумашәа бзиа ибон, даҽакы иаҩихуамызт. Зны иҳәеит: "Актиор арежиссура инапы аналаикуа, ма апиесақәа аниҩуа сзеилкаауам. Асценаҿ ахәмарра ада даҽак ҟасҵап ҳәа сыҟам"», - еиҭалҳәоит Қорсаиаԥҳа.

Last modified on Woensdag, 01 Рашәара 2022 15:41