Print this page

Аԥсны Амонументалтә ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит

01 Рашәара 2022 310

Аԥсны Акультура аминистр Даур Ақаҩба ихантәаҩрала имҩаԥысит Амонументалтә ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара.

Ааигәа имҩаԥган иаарту жәларбжьаратәи аинҭадларақәа ихьыԥшыму аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада В. Г. Арӡынба ибаҟеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада С. У. Багаԥшь ибаҟеи иреиӷьу апроектқәа ралхразы. Аилатәараҟны иалацәажәеит арҭ аиндаҭларақәа рлыҵшәақәа.

 

Иара убас ирылацәажәеит имҩаԥыргарц аиндаҭларақәа:

Сариа Лакәарԥҳа лбаҟа иреиӷьу апроект;

1992–1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәыз рбаҟа иреиӷьу апроект;

еицырдыруа асоветтә спортсмен Саида Гәынԥҳа лбаҟа иреиӷьу апроект.

Акомиссиа алахәылацәа аӡбара рыдыркылеит, ииун 14 рзы имҩаԥгахо аилатәараҟны:

Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада В. Г. Арӡынба ибаҟа иреиӷьу апроект алхразы иаарту жәларбжьаратәи аиндаҭлара аиҭарылаҳәаразы адокументациа азырхиазарц.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада С. У. Багаԥшь ибаҟа иреиӷьу апроект алхразы иаарту жәларбжьаратәи аиндаҭлара аҩбатәи атур ахь инашьҭу алахәылацәа рзы абжьагарақәеи адгаларақәеи азырхиазарц.

1992–1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иасимволу иреиӷьу афотоҭыхымҭа алхразы аиндаҭлара амҩаԥгаразы адокументациа азырхиазарц.

Last modified on Donderdag, 02 Рашәара 2022 10:05