Print this page

Даур Ақаҩба Аԥсны антикатәи аҭынха далацәажәеит Ҟрым аконференциаҿы

13 Рашәара 2022 174

Усутә ныҟәарыла Ҟрымҟа ицаз аԥсуа делегациа аилазаараҿы иҟоу Аԥсны Акультура аминистр Даур Ақаҩба ихы алаирхәит Ажәытәӡатәи аамҭақәа ирҭынхаз ақалақьқәа реидгыла алахәылацәа реизара.

Абри атәы аанацҳауеит Акультура аминистрра апресс-маҵзура.

Ҟрым аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов инапхгарала имҩаԥысуа аизара рхы аладырхәит Керч, Новороссииск, Феодосиа, Симферополь, Таганрог, Таман ақалақьқәа рхаҭарнакцәа.

Аидгыла еиҿкаан ажәытәӡатәи аамҭақәа рҭынха ахьыҟоу ақалақьқәа рыбжьара аидгылареи аимадарақәа рыӷәӷәареи рзы. Аилатәара мҩаԥысит антикатәи акультуратә фестиваль «Боспорские агоны» аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Иара убас Даур Ақаҩба далахәын ақалақьқәа рыбжьара аусеицура ашьақәыргылареи арӷәӷәареи ирызкыз аҭҵаарадырратә конференциа.