Print this page

«Амузыкатә абонемент»

20 Рашәара 2022 190

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! А. Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵарауирҭа, акыр аамҭа аиԥҟьара ашьҭахь, ахәыҷқәеи ақәыԥшқәа рзы еиҿкаау арҵаратә программа «Амузыкатә абонемент» еиҭахацнаркит.

Ииун 22 рзы Р. Џь. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысуеит амузыкатә ҵарауирҭа аужьҭымҭа Адам Габелиа исолотә концерт (арҵаҩы – Аԥсны жәлар рартист Нинель Бжьаниаԥҳа).

Аконцерт иара убас иалахәуп Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Адыгатәи Ареспубликатә Асимфониатә оркестр, жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа рлауреат Мариа Емилиа Терзиан Ҳагба.

Адирижиор – Аԥсны жәлар рартист Давид Терзиан.

Аконцерт мҩаԥылгоит амузыкаҭҵааҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Асида Царгәышԥҳа.

Иалагоит асааҭ 19.00 рзы.

Last modified on Maandag, 20 Рашәара 2022 12:19