Print this page

Ахьтәи араӡныи медалқәа рыла ашколқәа ирылгаз аушьҭымҭацәа иранашьоуп асертификат ҷыда

04 Ԥхынгәы 2022 154

Аҧсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрреи С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә театр анапхгареи раҧшьгарала ахьтәи араӡныи медалқәа рыла ашколқәа ирылгаз аушьҭымҭацәа иранашьоуп асертификат ҷыда. 

Уи алшара рнаҭоит 2022 шықәса нҵәаанӡа амилаҭтә театр аспектакльқәа (91-тәи асезон) хәыда-ҧсада рҭааразы. 

Қәҿиарала зҵара хзыркәшаз аушьҭымҭацәа ирзеиӷьаҳшьоит изныло аҧсҭазаара амҩаду аҿы аманшәалара, аихьӡара дуқәа!

Last modified on Maandag, 04 Ԥхынгәы 2022 11:40