Print this page

Михаил Шургалин Даур Ақаҩба агәшԥтәы дырга «Аусеицуразы» ианеишьеит

02 Нанҳәа 2022 182

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин атәыла акультура аминистр Даур Ақаҩба Урыстәыла ААР иатәу агәшԥтәы дырга «Аусеицуразы» ианеишьеит.

Агәшԥтәы дырга «Аусеицуразы» ранаршьоит Урыстәылеи егьырҭ аҳәынҭқараақәеи русеицура зырҭбаауа урыстәылауаа, ма атәылауаҩра змам ахаҿқәа, урҭ рҳәынҭқаррақәа рҿы аурыс бызшәеи алитературеи ӡырыргоит, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа дырӷәӷәоит.

Даур Ақаҩба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан 2016 шықәса раахыс. Абҵарамза 2021 шықәсазы ари аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Инал Арӡынба. Уи ашьҭахь Акаҩба Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩыси, жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономзҵаарақәеи рзы ААУ аректор ихаҭыԥуаҩыси дҟаҵан.

Даур Ақаҩба акультура аминистрс дҟаҵан 2022 шықәса мшаԥы 6 азы.

2909.mp4
Last modified on Dinsdag, 02 Нанҳәа 2022 10:04