Print this page

Аскульптор, асахьаҭыхҩы, А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба 70 шықәса ихыҵит

05 Нанҳәа 2022 180

Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Амиран Адлеиба ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

"Ҳаҭыр зқәу Амиран Сардион-иԥа!

Акультура Аминистрра ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи – 70 шықәса шәхыҵра. Шәара ҳаамҭазтәи аԥсуа скульпторцәа иреиӷьу шәырхыԥхьаӡалоуп. Аҟазара ҳараки абаҩхатәра дуи ирхылҿиааз шәусумҭақәа ззымдуа Аԥсны уаҩ дыҟаӡам – зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз Аԥсны аҵеицәа ирызку Ахьӡ-Аԥша Амемориал, Очамчыратәи абаҟа, раԥхьатәи аԥсуа сахьаҭыхҩы апрофессионал Алеқсандр Чачба ибаҟа уҳәа егьырҭгьы.

А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы иаҳасаб ала, шәара еиҵашәааӡеит имаҷымкәа абаҩхатәра змоу аҿар – аԥсуа сахьаҭыхыҩцәеи аскульпторцәеи. Уи алагьы аҽарҭбаауеит шәлагала аԥсуа ҟазара аҿиаразы.

Гәык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аҟазарахь ишәымоу агәазыҳәара ҿымцәаауа ҳазшаз алшара шәиҭааит".

Last modified on Vrydag, 05 Нанҳәа 2022 16:20