Print this page

Апарламент аҟны ирылацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә символика иазку азҵаарақәа

13 Жьҭаара 2022 256

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара – Апарламент акультуреи, аҿари, аспорти русқәа рзы Аилак аҟны имҩаԥысит аилатәара.

Уаҟа ирылацәажәеит аҳәынҭқарратә символика ахҳәааи  ахархәара аԥҟарақәеи ирызкыз азҵаарақәа. Аилак аилатәара иалахәын ахантәаҩы Венори Бебиа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, асахьаҭыхҩы, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи асимволикеи равтор Валери Гамгиа иаҳәшьа Лиусиа Гамгиаԥҳа, аскульптор Амиран Адлеиба.

Аилатәараҟны иара убас ишьҭыхын атема азакәанқәа «Аԥсны Аҳәынҭқарратә герб азы», «Аԥсны Аҳәынҭқаратә бираҟ азы» хархәашьас ирымоу.

Last modified on Donderdag, 13 Жьҭаара 2022 16:08