Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла рцәыргақәҵатә зал аҟны иаатит Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла рцәыргақәҵа

20 Жьҭаара 2022 220

Ацәыргақәҵахь инагоуп аҭыԥантәи анапҟазацәа рыҟаҵамҭақәа – аихақәа, аҳәақәа, алабашьа, аҳәызбақәа, аибашьыгақәа уҳәа егьырҭгьы.

Аекспонат хадақәа иреиуоуп асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа ареконструкциа ззиуз аибашьҩы аԥсил икәылӡы. Акәылӡы акапан 10 кьылак рҟынӡа инаӡоит, еиқәыршәоуп абырфын шахала еидҿаҳәалоу 1367 ҵәаҟьа рыла.

Ацәыргақәҵа аартызаауеит октиабр 21 аҽнынӡа.

Last modified on Donderdag, 20 Жьҭаара 2022 15:41