Print this page

Аиааира амш аламҭалаз адокументалтәи зметраж кьаҿуи афильмқәа рзы аицлабра рылаҳәоуп

27 Ажьырныҳәа 2023 248

Афильмқәа еиуеиԥшым ажанрқәа рыла алитературатә рҿиамҭа шьаҭас иаманы ма иоригиналу асценариақәа рыла иҭыхзар ҟалоит.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30-шықәса ахыҵреи Ахьыԥшымра азхаҵара 15-шықәса ахыҵраеи рымшқәа рыламҭалаз акультура аминистрра идокументалтәуи зметраж кьаҿуи афильмқәа рзы аицлабра рыланаҳәеит.

«Аицлабра мҩаԥгахоит 5 етапк рыла, иалагоит ажьырныҳәа 27 инаркны. Лаҵара 10 азы аицлабратә программа аркхоит. Актәи аетап арзаҳалқәа рыдкылара иаамҭоуп», – иҳәеит аминистр Даур Ақаҩба апресс-конференциаҿ.

Аҩбатәи аетап алагоит хәажәкыра 6 рзы, усҟан акомиссиа арзаҳалқәа алырхуеит.

«Ахԥатәи аетап аан аҩбатәи аетап иахысыз алахәылацәа рысценариқәа рыдыркылоит», – иҳәоит Ақаҩба.

Лаҵара 10 азы имҩаԥгахоит аԥшьбатәи аетап – иаиааиз алыркаауеит. Лаҵара 11 инаркны ахәбатәи аетап – афильмқәа рҭыхра хацыркхоит. Ари иазоужьхоит х-грантк. Ҩба 300-300 нызқь мааҭ рзоужьхоит (зметраж кьаҿу афильмқәа). Адокументалтә фильм аҭыхразы Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд 400 000 мааҭ азоунажьуеит.

Аицлабра далахәхар илшоит изҭаху Аԥсны атәылауаҩ. Акультура аминистр иажәақәа рыла, зметраж кьаҿу афильм ҭызхуа рзы ақәратә ԥкрақәа алагалоуп- 45 шықәса дреиҳамзар ауп. Адокументалтә фильмқәа ҭызхуа рзы ақәратә ԥкра ҳәа акгьы азгәаҭам, аха 18 шықәса иреиҵамзар ауп.

Арежиссиор, актиор, акиностудиа «Абхазфильм» адиректор Виачеслав Аблоҭиа иҳәеит, асахьаркыратә фильмқәа иарбанызаалак ажанр ала рҭыхра шалшо.

«Акомедиа, адрама, атриллер – иуҭаху ала. Иарбанызаалак акиносахьақәа аицлабра иалахәхар ҟалоит», – иҳәеит иара.

Арежиссиор Ҭимур Кәакәасқьыр агәыӷра ааирԥшит, Аԥсны аибашьраан иахнагаз ҳасаб азуны аконкурс алахәылацәа иҭырхша-ирҳәаша роуп ҳәа.

«Аԥсны азы аинформациа рызнагаразы ари иманшәалоу шьаҿоуп. Акино адгылара аҭалатәуп. Уажәазы х-фильмк ҳамоуп. Ԥхьаҟа аминистрра адгыларала рхыԥхьаӡара еиҳахап ҳәа сгәыӷуеит», - иҳәеит иара.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашуа иазгәеиҭеит, аҭоурых аиқәырхаразы аицлабра аҵакы шамоу, агәыӷра ааирԥшит алахәылацәа рхыԥхьаӡара рацәахап ҳәа.

 

Last modified on Vrydag, 27 Ажьырныҳәа 2023 16:23