Print this page

Иԥсы ҭазҭгьы иахьа Уасил Царгәыш ихыҵуан 85 шықәса

31 Ажьырныҳәа 2023 110

Аԥсны жәлар рартист, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, акомпозитор, аетнограф, акыр шықәса инеиԥынкыланы Аԥсны зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль асахьаркыратә напхгаҩыси адирижиор хадаси иҟаз

Уасил Царгәыш дравторуп ахортә, акамертә-вокалтә ԥҵамҭақәа, акинофильмқәеи атеатртә қәгыларақәеи рзы амузыка. Акомпозитор иаԥҵамҭақәа ирныԥшуеит ҳажәлар рҭоурых, урҭ рхьаа, ридеиақәа, рхәыцрақәа.

2001 шықәсазы акантатақәа «Хҩык афырхацәа рзы», «Иҭахаз ргәалашәараз», «Ҳан Аԥсны» рзы Уасил Царгәыш Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә ианашьан.

Уасил Царгәыш 50 шықәса инареиҳаны Аԥсны зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль напхгара азиуан. Урҭ ашықәсқәа рзы ансамбль жәларбжьара еицырдыруа иҟалеит, гастроль ҳасабла ирҭааит еиуеиԥшым Европа, Африка, Ладатәи Америка рҳәынҭқаррақәа, акырыyтә ҳдиаспора ахьынхо Ҭырқәтәыла иаҭаахьан.

Уасил Царгәыш аҟыбаҩ ҷыда илан, дыпрофессионалын, имаҷым иџьабаа аԥсуа жәлар рмузыкеи иреиӷьу рыкәашаратә традициақәа рыларҵәара аус аҟны. Иара еиҵаиааӡеит ашәаҳәаҩцәеи акәашаҩцәеи рабиԥарақәа маҷымкәа.

Last modified on Dinsdag, 31 Ажьырныҳәа 2023 16:44