Print this page

«Аҧсуа акультура ашҭаҿы»

03 Жәабран 2023 116

«Аҧсуа акультура ашҭаҿы» абас ахьӡуп иаарласны Аҧсуа телехәаҧшра аканалаҿы ишәыдгалахо адырраҭара ҿыц.

Уи хықәкыс иамоуп, аҧсуа культура ганрацәала инарҵаулан иҭҵааны, ахырхарҭақәа зегьы ахәаҧшҩы изнагара.

Апроект аҿы ирылацәажәоит ихьӡарақәеи аиҵахарақәеи. Адырраҭара иалахәуп акультура зҽаҧсазтәхьоу аҟазацәа. Ас еиҧш апроект аиҿкаара абзоурахеит Аҳәынқарратә телерадиоеилахәыра анапхгараеи, акультура аминистрреи раҧшьгарала.

 

Last modified on Vrydag, 03 Жәабран 2023 10:24