Print this page

Марттәи ажәылара иазку афотоцәыргақәҵа аадыртит Аԥсуа драматә театр аҿы

16 Хәажәкыр 2023 145

С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы иаадыртит Аԥсуа ар Марттәи ажәыларатә операциа иалагеижьҭеи 30 шықәса аҵра иазкыз афотоцәыргақәҵа.

Ацәыргақәҵаҿы иӡыргаз афотосахьақәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭихит еицырдыруа арратә фотокорреспондент Витали Қьецба.

Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа иазгәалҭеит Марттәи ажәылара наунагӡа аԥсуа ҭоурых аҟны ишьаарҵәыроу рыцхәны ишаанхо, урҭ амш еиқәаҵәақәа рзы иҭахеит 222-ҩык ҳаибашьцәа.

«Иахьатәи ари ацәыргақәҵаҟны раԥхьаӡа акәны иӡыраҳгоит уаанӡа аӡәгьы иимбацыз афотосахьақәа, дара авторс дрымоуп арратә фотокорреспондент Витали Қацәба (ҩышықәса раԥхьа иԥсҭазаара далҵит - азгә.). Иԥсы ахьынӡаҭаз ҳара Гәдоуҭатәи амузеи аҟны уи ицәыргақәҵақәа ҩба реиҿкаара ҳахьӡеит», - ҳәа инаҵылшьит лара.

Џьыкырԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит Аԥсны Акультура аминистрра ацәыргақәҵа аиҿкаараҟны иҟарҵаз ацхырааразы.

Афотоҭыхыҩ иашьеиҵбы Григори Қьецба Sputnik иазеиҭеиҳәеит аибашьра ахьынӡацоз иара 40 нызқь фотосахьа рҟынӡа шҭихыз, урҭ зегьы ареспублика амузеиқәа ишрырҭаз.

Афотоцәыргақәҵа аартра ашьҭахь атеатр афоие аҿы Аҳәынҭқарратә хортә капелла инанагӡеит Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара иазкыз ашәақәа.

Иахьа иара убас Аҟәа В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы иаартын Марттәи ажәылараан иҭахаз рфотосахьақәа рцәыргақәҵа.

 

Last modified on Donderdag, 16 Хәажәкыр 2023 11:59