Print this page

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аицлабра рылаҳәоуп

17 Хәажәкыр 2023 202

Д. И. Гәлиа ихьӡ зху алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа аконкурс рыланаҳәоит.

Аконкурс ахь инашьҭхоит 2020–2022 ш. рзы адунеи збаз аԥҵамҭақәа. Апремиа роурц азы аԥҵамҭақәа рықәыргылара ҿҳәарас иамоуп ҳазҭоу ашықәс, иун 1 аҟынӡа.

Уи иазку ашәҟәқәа рыдыркылоит Аҟәа ақ., Жәанба имҩа, 9, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа.

Д. И. Гәлиа ихьӡ зху алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа

Last modified on Donderdag, 13 Мшаҧы 2023 15:08