Print this page

Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр сынтәа фынтәны иалахәхоит Урыстәыла акультура аминистрра имҩаԥнаго «Агастроль дуқәа» апрограмма

26 Лаҵара 2023 119

«Агастроль дуқәа» апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны сынтәа фынтәуп Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр аспектакльқәа урыстәылатәи ахәаԥшцәа иднарбоижьҭеи.

«Сынтәа, егьырҭ ашықәсқәа реиԥш Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистрра имҩаԥнаго апрограмма «Агастроль дуқәа» ҳахыԥхьаӡалоуп. Ари апроект иабзоураны Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атеатрқәеи алшара роуеит егьырҭ ақалақьқәа, атәылақәа рахь агастрольқәа рыла ацара. Ҳара фышықәсоуп ари апрограмма ҳхы алаҳархәуеижьҭеи, сынтәа Аԥсны акыр иацәыхароу арегионқәа ҳарҭаауеит», - иҳәеит Хынҭәба.

Агастрольқәа алагоит Кемеровтәи аобласт Новокузнецк ақалақь аҟынтәи, уаҟа рашәара 21-22 рзы идырбахоит аспектакльқәа «Ахаҵа ԥшӡеи» «Ишьаарҵәыроу ачареи».

Рашәара 24-25 рзы арҭ аспектакльқәа рыла РУСДРАМ ықәгылоит даҽа сибратәи қалақьк, Горно-Алтаиск аҟны.

«Горно-Алтаиск аҟынтәи ҳара ҳцоит аурыси аҳәаанырцәтәи атеатрқәеи еидызкыло, акрызҵазкуа апроект - урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии атеатрқәа рфестиваль ашҟа. Уаҟа, ақәгыларақәа рнаҩс имҩаԥысуеит атеатрқәа реиҳабацәа русура иадҳәаланы еиуеиԥшым асеминарқәа», - иҳәеит РУСДРАМ анапхгаҩы.

Афестиваль мҩаԥысуеит Ҭаҭарсҭан Набережные Челны, рашәара 28 рзы РУСДРАМ хәмаруеит «Ахаҵа ԥшӡа» аспектакль. Иракли Хынҭәба агәыӷра имоуп атеатр ықәгыларан иахьыҟоу ақалақьқәа рыҟны аҩызцәа ҿыцқәеи рҟазара абзиабацәеи дырҳап ҳәа.