Print this page

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Гогьи Аиба

12 Рашәара 2023 99

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра гәалсра дула ирыдышшылоит изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз Аиба Гогьи (Ну) Ҟажа-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи.

Аиба Гогьи Ҟажа-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист, 1979 шықәса раахыс инеиԥынкыланы Аԥсны зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль аҟны дкәашон. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аналага аԥхьатәи амшқәа инадыркны ҳ-Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иабџьар кны дрылагылеит.

Гогьи Аиба игәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿ иаанхоит.

 

Last modified on Maandag, 12 Рашәара 2023 11:00