Print this page

Урыстәылатәи аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба иконцерт мҩаԥысит Аҟәа

16 Рашәара 2023 120

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысит Урыстәылатәи аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешбеи Аҳәынҭфилармониа ахкынагӡаҩцәеи рконцерт.

«Урыстәылатәи амузыкант, аскрипкарҳәаҩы, арҵаҩы Виктор Абрамиан-Ешба Аԥсны бзиа деицырбахьеит, иара адунеи зегь аҟны дырдыруеит, хазы ахкы нагӡо дықәгылоит, иара убас асимфониатә оркестрқәа дрыцыхәмаруеит, иаирҳәоит абарокко, аклассицизм, аромантизм, иахьатәи ҳаамҭа иаҵанакуа амузыка», - ҳәа ахәаԥшцәа ирзеиҭалҳәеит Аҳәынҭфилармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа, аконцерт аартуа.

Виктор Абрамиан-Ешба - Владимир Спиваков Жәларбжьаратәи игәыҳалалратә фонд есымшатәи амузыкатә абжьгаҩс дыҟоуп, имҩаԥигоит аҟазара аклассқәеи аконцертқәеи атәылақәа жәпакы рҿы абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа рзы.

«Амузыкант иан лыԥсадгьыл Аԥсынгьы ихашҭӡом, ара акәын иахьихигоз иара иқәыԥшра ашықәсқәа. Аԥснытәи амузыкантцәеи иареи ареспубликаҿеиԥш уи анҭыҵгьы иқәгылоит, Аԥсны аҟазара аҳәаанхыҵ иӡыригоит», - ҳәа еиҭалҳәеит Џьниаԥҳа.

Иара амузыкант ихаҭа асценахь данцәырҵ, иазгәеиҭеит уаанӡа традицианы иҟаз Аԥсны иконцертқәа, аԥснытәи амузыкантцәеи иареи русеицура иациҵарц шиҭахыз. Убри азы асценахь иццәырҵит амузыкантцәа хатәрақәа реиԥш, аҿарацәагьы.

Аконцерт иалахәын Нана Черқьезиа (асопрано), Кристина Ешба (асопрано), Елена Ҳагба (арфа), Емилиа Терзиан-Ҳагба (аскрипка), Александр Аҩӡба (альт), Светлана Сариан (афортепиано), Лана Адлеиба (афортепиано).

Аконцерт апрограмма шьақәгылан еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа аклассикатә музыка - Бах иҟынтәи Рахманинов иҟынӡа.

Аконцерт ахыркәшамҭаз асценахь дцәырҵит акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр. Лара даԥхьеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Виктор Абрамиан-Ешба «Аԥсны Аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа ахьӡ ихҵаразы иусԥҟа.