Print this page

Ростов ацәыргақәҵаҟны идырбахоит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа

20 Рашәара 2023 99

Арегионбжьаратә асахьаҭыхратә цәыргақәҵа «Юг России XIII: живопись, скульптура» мҩаԥысуеит Ростов-на-Дону рашәара 19 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа.

Ацәыргақәҵҟны идырбахоит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәеи аскульпторцәеи русумҭақәа.

Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа алшара роуеит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Витали Џьениа, Баҭал Џьопуа, Нугзар Логәуа, Амиран Адлеиба, Руслан Габлиа, Лаша Габелиа, Адгәыр Амԥар, Витали Қацәба, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Мариа Делԥҳа, Диана Хынҭәԥҳа, Руслан Чхамалиа, Екатерина Гускова русумҭақәа рбара.

Ацәыргақәҵахь идәықәҵоуп асахьаҭыхыҩцәа аҵыхәтәантәи ҳәышықәса рыҩнуҵаҟа иаԥырҵаз 45 сахьеи хә-скульптураки.