Print this page

Аԥсуа мультфильм ҿыц «Кәтаӷьцәахылԥа» аԥхьарабара мҩаԥысит Аҟәа

29 Рашәара 2023 107

Аԥсуа мультфильм ҿыц «Кәтаӷьцәахылԥа» аԥхьарабара мҩаԥысит аҳәынҭқарратә филармониаҟны, рашәара 29 рзы.

Амультфильм авторс дамоуп асахьаҭыхҩы, амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа, иара 2020 шықәсазы амультфильм «Абраскьыл ифырхаҵара» аԥиҵеит. Иажәақәа рыла, уажәтәи апроект анагӡара ҩышықәса даҿын.

«Бзиала шәаабеит аҩбатәи аԥсуа мультфильм «Кәтаӷьцәахылԥа» аԥхьарабарахьы иааиз. Ахәыҷқәа «Абраскьыл ифырхаҵара» аныргәаԥха ашьҭахь, ари апроект напы асыркит. Ҩышықәсатәи ҳусура алҵшәа шәҳарбоит», – иҳәеит Кәыҵниа.

Аҳәынҭфилармониа ахәыҷқәа рыла иҭәын, дара ирбоз-ираҳауаз ацәанырра ӷәӷәа рызцәырнагон, рнапеинҟьабжь еихсыӷьра ақәмызт.

Амультфильм аҭыжьра финансла адгылара анаҭеит Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы.

Last modified on Vrydag, 14 Ԥхынгәы 2023 10:51