Print this page

Аҟәа амш иазку ацәыргақәҵа аатит аҳҭнықалақь аҿы

08 Ԥхынгәы 2023 152

Ҽнактәи ацәыргақәҵа «Аҟәа. Еснагь иуцу аныҳәа» аатит аҳҭнықалақь Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асабша, ԥхынгәы 8 рзы. Уаҟа ицәыргоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз аусумҭақәа 35.

Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа лажәақәа рыла, сынтәатәи ацәыргақәҵа тема хадас иамоуп акультуратә гәалашәара аҭыԥқәа.

«20-30-тәи ашықәсқәа раамҭазтәи акультуратә ҭыԥқәа Валентин Контареви Борис Петрови русумҭақәа рҿы, 50-60-тәи ашықәсқәа раамҭазтәи - Варвара Бубновеи Ольга Брендели русумҭақәа рҿы, 70-тәи ашықәсқәа - Виссарион Ҵәыџьбеи Геннади Ашкариани русумҭақәа рҿы, 2000-тәи ашықәсқәа - Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рҿы. Ҳазҭагылоу аамҭазтәи аусумҭақәа зтәу иахьа арҿиара иаҿу асахьаҭыхыҩцәа ртәоуп», - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Аҟәа амш иазку ацәыргақәҵа аатит аҳҭнықалақь аҿы

Иахьатәи ацәыргақәҵаҿы иҳыргоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз аусумҭақәа 35. Аҳҭнықалақь еиуеиԥшым аамҭақәа рзы асахьаҭыхыҩцәа ишырбоз иахәаԥшыр рылшоит изҭаху зегьы.

Last modified on Dinsdag, 19 Цәыббра 2023 12:33