Print this page

Даур Ақаҩба Лаврик Ахба ииубилеи идиныҳәалеит

06 Жьҭаара 2023 188

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба Адыгатәылеи Аԥсни зҽаԥсазтәыз рартист Ахба Лаврик Давид-иԥа ииубилеи идиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

 «Ҳаҭыр зқәу Лаврик Давид-иԥа!

Гәык гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи – 70 шықәса шәхыҵра!

Зыԥсҭазаара зегьы аԥсуа сцена иазызкыз, имаҷым шәлагала аԥсуа театртә ҟазараҟны. С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиор иаҳасаб ала шәара иаԥышәҵеит еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа ақәыргыламҭақәа рҟны – «Зыхшыҩ зызрыцҳахас» (А. Грибоедов), «Аԥсҭазаара ԥхыӡуп» (П. Кальдерон), «Кьоџьаа рҭыӡшәа» (К. Гольдони), «Гәараԥаа рписар» (М. Бӷажәба) уб. иҵ. Иара убас инашәыгӡеит еиуеиԥшым арольқәа асахьаркыратә фильмқәа рҟны.

Аҟазараҟны иаашәырԥшыз ақәҿиарақәа рыхә шьо, шәара ишәыхҵоуп «Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист», «Адыгатәыла зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа ахьӡ ҳаракқәа.

Аҟзара анаҩс, Аԥсуа жәлар аԥсреи абзареи ианрыбжьагыла, лакҩакрак ҟамҵақәа аибашьра раԥхьатәи амшқәа инаркны шәара шәрылагылеит Аԥсны ахьчаҩцәа. Ишәанашьоуп «Агәымшәараз» амедал.

Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аманшәалара, ақәҿиара дуқәа ҩаԥхьагьы!».