Print this page

РУСДРАМ арежиссиортә лабораториаҿы иаиааиз деилкаахеит

30 Абҵара 2023 93

Фазиль Искандер иажәабжь "Махаз" иалхны Олесиа Невмержицкаиа иҟалҵаз аескиз аиааира агеит РУСДРАМ арежиссиортә лабораториа "Сандро" аҿы.

Ахәаԥшцәа иддырбеит Фазиль Искандер иҩымҭақәа ирылхыз аескизқәа хԥа: ажәабжь "Махаз" - арежиссиор Олесиа Невмержицкаиа лықәыргыламҭа; "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" - арежиссиор Игорь Лебедев иқәыргыламҭа; "Харлампои Деспинеи" - Василиос Самуркас иқәыргыламҭа. Атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, акы алхра даара иуадаҩые, избанзар рыхескизк рхаҭабзиара ҳаракын, аиааирагьы рықәнаган. Ахәаԥшцәа рыбжьыҭира алҵшәақәеи аексперттә хеилак ахәшьарақәа реихшьаалақәеи рыла иалхыз аескиз аспектакльхаҭа алхны иқәдыргылоит 2024 шықәса рзы.