Print this page

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа азы аԥаратә ҳамҭа шьҭыхуп

24 Мшаҧы 2024 18

200 нызқь мааҭ рҟынӡа ишьҭыхуп алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа азы аԥаратә ҳамҭа.

Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аԥҟарақәа аиҭакрақәа алеигалеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аԥҵан 1967 шықәсазы. Раԥхьаӡа апремиа ранашьан Баграт Шьынқәбеи Иван Папасқьыри. Алитература, аҟазара, архитектура русхк аҿы апремиа ранаршьоит ес-хышықәса.