Print this page

XXII Жәларбжьаратәи афестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит» аатит Аҟәа

18 Ԥхынгәы 2024 197

Раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа, Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны иқәгылеит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи, Мариинтәи атеатр асолистцәеи, асимфониатә оркестри, урҭ напхгара риҭон Атеатр ду адирижиор Антон Гришанин.

Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит» Аԥснытәи апрограмма хә-концертк рыла ишьақәгылоуп. Аҽа ф-концертки аҟазаратә-классқәеи Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны имҩаԥысуеит, ҩба – Китаи.

Last modified on Donderdag, 18 Ԥхынгәы 2024 11:25