Print this page

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа

27 Цәыббра 2024 117

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра гәалсра дула ирыдышшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа иуацәеи иҭынхацәеи.

Мушьни Лашәриа – Аԥсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа алахәыла, афилологиатә наукақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Шьоҭа Русҭавели ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Антон Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи апремиа алауреат, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла.

Мушьни Лашәриа илирикаҿы иҟан зегьы: ҳҭоурых, ҳфилософиа, ҳаԥсабара аблахкыгара, ауаҩы илахьынҵа азхәыцра, абзиабара иазку ацәаҳәа ссирқәа.

Ааԥсара зқәымыз аиҭагаҩ аԥсуа ԥхьаҩцәа рхатәы бызшәала адунеитә литература аԥҵамҭа дуқәа –«Евгени Онегин» (Пушкин иҩымҭа), «Мцыри» (Лермонтов иҩымҭа), иара убас «Абжьасцәа зшәу» (Русҭавели иҩымҭа) реиԥш иҟоу аԥхьартә алшара риҭеит.

Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа игәалашәара наунагӡа идоуҳатә ҭынха ззынижьыз ижәлар, иҟазара абзиабаҩцәа ҳгәаҵаҿ иаанхоит.

Last modified on Vrydag, 27 Цәыббра 2024 11:08