Акциа иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Григори-иԥа Арӡынба 80 шықәса ихыҵра иазкуп.
АПРОГРАММА
17:00 В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә Фырхаҵара амузеи
Владислав Григори-иԥа Арӡынба 80 шықәса ихыҵра иазку ацәыргақәҵа аартра.
18:00 Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи
Аетнографиа аҟәшаҟны ацәыргақәҵа аартра.
19:00 Д. И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи
В. Г. Арӡынба игәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа аартра.
В. Г. Арӡынба изку «Агәалашәаратә хәылԥазы».
Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра инадҳәаланы, арежиссиор Ибрагим Ҷкадуа иаԥиҵаз афильм ҿыц арбареи ахцәажәареи.