Print this page

Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы Акомиссиа аҟнытә

18 Ԥхынгәы 2025 5

Аҳәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы алагалазы Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьразы Акомиссиа ирыланаҳәоит апремиа аиуразы аконкурс шаарту.

Апремиа ранашьахоит акьыҧхь збахьоу, аҧсуа сахьаркыратә литератураҿы илагала дуны иҟалаз, ауаажәларратә зхаҵара зауз, ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку аоригиналтә асахьаркыратә ҩымҭақәа (апоезиеи, апрозеи, адраматургиеи ржанрқәа ирыҵаркуа).

Апремиазы иқәыргылазар ҟалоит 2022, 2023, 2024-тәи ашықәсқәа рзы икьыҧхьу арҿиамҭақәа.

Апремиа аиуразы арҿиамҭақәа рықәыргылара азин рымоуп аҵара-ааӡаратә, акультуратә усҳәарҭақәеи, арҿиаратәи аҟазаратәи еидгылақәеи рколлективқәа, ажурналқәеи, агазеҭқәеи рредакциақәа уҳәа убас егьырҭгьы.

Аконкурс ахь адокументқәа рыдыркылоит жьҭаарамза 17-нӡа абри аҭыӡҭыҧ ала: Аҟәа ақалақь, Аҧсны аиҳабыра рыҩны, Лакәаба им. 21, Аҧсны Акультура аминистрра.

Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиахь.

Иаҭахәу адокументқәа рсиа еилышәкаарц шәылшоит абарҭ ателқәа рыла +7 (840) 226-75-42; +7 (940) 965-91-02.