Print this page

Амузыкатә ҵараиурҭа аиҭашьақәыргылара иалагеит

14 Лаҵара 2026 2

Амузыкатә ҵараиурҭа аиҭашьақәыргылараан иазгәаҭоуп аибашьрашьҭахьтәи аамҭа инаркны ахархәара змамыз ауадақәагьы реиҭашьақәыргылара ҳәа азгәалҭеит аҵараиурҭа аиҳабы Нинель Бжьаниаԥҳа, иара убас акыр шықәса раахыс игәыгәҭажьны иҟаз аҵараиурҭа аҵакыра ду.

«Ҳара уажәы ҳгәы иҭоуп аестрадатә ҟәша аартра, уи зегь рыла еиқәыршәатәуп, ҳҵаратә программаҿы аиҭакра ҿыцқәа алагалахоит», — лҳәеит лара.

Алықьса Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа шьаҭаркын 1930 шықәсазы. Иара гылоуп Аҟәа Ҳаҭхәа ашьха ашьапаҿы, ахыбра иргылеит 1914 шықәсазы аҭуџьар Нинуа.

Ахыбра аиҭашьақәыргылареи уи иаҵанакуа аҭыԥ арҽеиреи, аҵараиурҭа амаҭәахәи, амузыкатә рҳәагақәеи раахәара ахахьы иагеит Урыстәыла Акультура Аминистрра. Аинвестпрограмма аҟнытә апроект анагӡаразы 300 миллион мааҭ азоужьуп.

 

Last modified on Donderdag, 14 Лаҵара 2026 14:06