Print this page

Аԥсуа театр аҿы имҩаԥысит Шьукин ихьӡ зху аинститут абитуриентцәа ралԥшааратә еицлабра

14 Лаҵара 2026 2

«Атеатри акинои рактиор», «арежиссиор» абарҭ азанааҭқәа рыла алԥшаара мҩаԥысуан. Алԥшаара аихшьаалақәа рыла ихадоу аицлабрахь инашьҭуп 11-ҩык.

Алԥшаара мҩаԥыргеит актиортә ҟазара акафедра арҵаҩцәа Валери Маркини Ельдар Трамови.

«Ҳара ҳазҿлымҳауп ауаҩы ари азанааҭ иаҭаху адыррақәа имоу-имаму аилкаара. Ихадоуп ауаҩы иҭеиҭыԥш, ажәабжь шизеиҭаҳәо, аиумор шнеиго», — ҳәа азгәеиҭеит Трамов.

Даара акырӡа аҵанакуеит аԥсуа бызшәа адырра, избанзар артистцәа ҿарацәа аныхынҳәлак Аԥсуа драматә театр атруппа хадырҭәаароуп.