Диит март 6, 1953 шықәсазы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан.
Ҷлоутәи абжьаратә школ даналга, 1970 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа (аҿыханҵа аҟәша), уаҟа иҵара хиркәшоит 1978 шықәсазы.
1971-1973 шықәсқәа рзы Асовер ар рҟны аррамаҵура дахысуеит.
1978-1984 шықәсқәа рзы аҵара иҵон Ҟарҭтәи аҳәынҭқарратә академиаҟны (аҿыханҵа афакультет, аҟәша "Акинои ателехәаԥшреи").
1984-2001 шықәсқәа рзы аус иуан С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны асахьаҭыхҩы хадас.
2002 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Ахәыҷтәы ҟазара аҩны "Аинар" аиҳабыс аус иуеит.
1985 шықәсазы Д. Занҭариа иҩымҭала иҭыхыз акиносахьа "Асувенир" асахьаҭыхҩы-ақәыргылаҩыс даман (ақәыргылаҩ В. Аблоҭиа).
С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны асахьаҭыхҩы-ақәыргылаҩ иаҳасабала аус рыдиулеит аспектакльқәа: "Аҳ Леон" (автор А. Агрба, ақәыргылаҩ В. Ақыҩба), "Кьоџьаа рҭыӡшәа" (автор Карло Гальдони, ақәыргылаҩ В. Ақыҩба), "Махаз" (автор Ф. Искандер, ақәыргылаҩ В. Ақыҩба), "Алибеи" (автор Д. Чачхалиа, ақәыргылаҩ Н. Ешԥҳа), "Асҭыԥҳа" (автор А. Островски, ақәыргылаҩ М. Аргәынԥҳа), "Аҳ деилазгаз" (ақәыргылаҩ М. Аргәынԥҳа), "Амҳаџьыраа" (ақәыргылаҩ А. Шамба).
2016 шықәса инаркны Ф. А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҟны асахьаҭахҩы хадас дыҟоуп. Уаҟа асахьаҭыхҩы-ақәыргылаҩ иаҳасаб ала аус рыдиулеит аспектакльқәа "Қьырса Купиелло рыҩнаҟны" (ареж. А. Тимошенко, "Хә-ҵхык" (автор А. Володин, ареж. А. Киселиус).
1989 шықәса инаркны Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла далахәуп, иара убас Урыстәыла Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла далоуп.
2006, 2013 шықәсқәа рзы иреиӷьу асахьаҭыхҩы ҳәа далхын.