Print this page

Леон и-Орден занашьоу Е. Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Шьараҭын»

Леон и-Орден занашьоу Е. Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Шьараҭын» – Аԥсны Аҳәынҭқарреи уи анҭыҵи еицырдыруа коллективуп.

Иаԥиҵеит 1970 шықәсазы еицырдыруа абалетмеистер, ГИТИС аушьҭымҭа, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсны жәлар рартист Едуард Уаҳаид-иԥа Бебиа.

Ансамбль Сҭампыл имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афольклортә кәашарақәа рфестиваль аҟны хынтә аԥхьахә анаршьахьеит, иара убас аԥхьахә агеит Тунис имҩаԥысуаз XI Адунеизегьтәи Карфагентәи афестиваль аҟны, Москва имҩаԥысуаз XII Адуенеизегьтәи афестиваль иалауреатуп, ирылахәын Урыстәыла аладатәи ақалақьқәа рассоциациа имҩаԥнагоз жәлар рҟазара афестивальқәа.

Иҭбаауп ансамбль агастрольтә географиа – Урыстәыла, Франциа, Германиа, Финлиандиа, Индиа, Шри-Ланка, Венгриа, Грециа, Алжир, Австриа.

Ансамбль арепертуар шьақәгылоуп аԥсуа фольклортә, ақьабзтә кәашарақәеи, иара убас Кавказ ажәларқәа рыкәашарақәеи рыла.

Асахьаркыратә напхгаҩы, абалетмеистер хада – Аԥсны жәлар рартист, Чечентәи Ареспубликеи Адыгеиатәи Ареспубликеи зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика зҽаԥсазтәыз артист Руслан Едуард-иԥа Бебиа.

Last modified on Woensdag, 01 Ԥхынгәы 2020 11:44

Related items