Версия для печати

Виачеслав Аблоҭиа иахьа ихыҵуеит 80 шықәса

Акинорежиссиор, асценарист, Урыстәыла Акинематографистцәа реидгыла алахәыла, акиностудиа «Аԥсуафильм» адиреқтор, Аԥсны жәлар рартист Виачеслав Аблоҭиа иахьа ихыҵуеит 80 шықәса.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр Даур Ақаҩба аиубилиар иирамш идиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Андреи-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи – 80 шықәса шәхыҵра. Ирацәоуп шәылшарақәа ҳмилаҭтә кинематографиа аԥҵара аус аҟны. Шәара ишәыбзоураны ҳара иахьа иҳамоуп алшара адунеи еицырдыруа акинематографиа ашедеврқәеи амультфильмқәеи ҳхатәы бызшәала рыхәаԥшра. Уи, хымԥада, лагала дууп ҳбызшәа ахьчареи аҿиареи рус аҟны.
Гәык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, азҿлымҳара зцу иҿыцу апроектқәа аԥсҭазаара раларҵәара алшара шәоуааит!».

Последнее изменение Среда, 19 октября 2022 11:48