Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа!
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭ ныҳәа – Акультура аусзуҩцәа рымш!
Шәџьабаа ахәшьара уадаҩуп. Шәылшарақәарыбзоуралоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуратә ҭынха беиа ахьчареи аизырҳареи залыршахо.
Иарбанзаалак имҩаԥыжәго аусмҩаԥгатәқәа, иаԥышәҵо аҟазара арҿиамҭақәа иазнарҳауеит ҳдоуҳатә беиара, ҽакы еиԥшым ҳакультуратә хаҿрааҿиара иацхраауеит.
Шәара ауааԥсыра ирылашәырҵәоит адоуҳатә культура ҳаракы, уи ауаҩы иҵарадырра еизнарҳауеит, ахәыҷқәеи изызҳауа аҿари рестетикатә ааӡара иацхраауеит.
Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа! Гәыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит хацәнымырха шәусуразы, шәбаҩхатәреи шәгәеизҳареи ауаа иахрыцеиҩышәшо азы.
Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәа шәҟазараҟны, агәалаҟазаара бзиа, агәабзиареи аманшәалареи шәыцзааит!»