Версия для печати

Даур Ақаҩба апроект «Афырхаҵареи аҟазареи рымҩа» иазкны

Иаарласны Акультура Аминистрра аофициалтә даҟьақәа рҿы иӡыргахоит «Афырхаҵареи аҟазареи рымҩа» захьӡу апроект.

«Сынтәа иазгәаҳҭоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵреи ҳҳәынҭқарра азхаҵара аиуижьҭеи 15 шықәса аҵреи. Арҭ арыцхәқәа ирызкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра иазнархиеит «Афырхаҵареи аҟазареи рымҩа» захьӡу апроект, хаҭала абџьар кны еибашьуаз акультура аусзуҩцәа злахәу авидеороликқәа рцикл.Сгәы иаанагоит ахәаԥшцәа ари апроект азҿлымҳара арҭоит ҳәа», – акультура аминистр Даур Ақаҩба.