Аколлектив раԥхьаӡа акәны Аԥсны анҭыҵ иқәгылеит. Дара аҟьаԥҟьаԥ кны аӡӷабцәа рыкәашара, анхацәа рыкәашара, аԥсуа чара кәашара ахәаԥшцәа ирыдыргалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы Алхас Џьынџьал.
"Ахәаԥшцәа гәык-ԥсык ала ҳрыдыркылеит. Ҳара алҵшәа дуқәа ҳарзыԥшымызт, аха агәыӷрақәа ҳаман. Ҳансамбль быжьшықәса ахыҵуеит, Аҷандареи Гәдоуҭеи рҟынтәи 28-ҩык ахәыҷқәа рыла ишьақәгылоуп", - иҳәеит иара.
Џьынџьал иажәақәа рыла, ансамбль ҩынтә актәи аҩаӡара алауреати аҩбатәи аҩаӡара алауреати ҳәа ахьӡ иаҧсахахьеит.
Donderdag, 27 Хәажәкыр 2025 11:48
Гәдоуҭатәи жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьардаа" Шәача имҩаԥысуаз афестиваль иалауреатхеит
Гәдоуҭатәи жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьардаа" Шәача имҩаԥысуаз афестиваль-еицлабра "Ахатә стиль" иалауреатхеит.
Икьыԥхьуп
АЖӘАБЖЬҚӘА
АМИНИСТРРАЗЫ
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп.