Д.И. Гәлиа Иҩны-амузеи шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара мҩаԥгахоит

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идҵа инақәыршәаны Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аспециалистцәа Аҟәа ақалақь агәаҿы игылоу, Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә ҩны-амузеи ахыбра ауадақәа рҭагылазаашьа гәарҭеит.

Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Дамир Гамсаниа иажәақәа рыла, ахыбра шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара аҭахны иҟоуп.

«Уажәанатә иубаратәы иҟоуп мҽхакы ҭбаала аусутә шыҟоу. Ахыб еиҭашьақәыргылатәуп, адренажтә система аусура рҽеитәуп, афымцамҩангагақәа хымԥада иԥсахтәуп, урҭ рҭагылазаашьа амузеи аҿы иҟоу аекспонатқәа ашәарҭара иҭанаргылоит», – ҳәа иҳәеит Дамир Гамсаниа.

Аҩны-амузеи акультура-ҭоурыхтә ҵакы ҳасаб азуны ҷыдала иацклаԥшны, амузеи анапхгараҭара аҭаххрақәеи ажәалагалақәеи азҿлымҳара аҭаны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара еиҿкаатәуп, ҳәа иԥхьаӡоит Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы.  

Амузеи аҿы иара убас аҩныҵҟатәи ауадақәа рҽеихоит, аха убри аан, Дамир Гамсаниа иажәақәа рыла, «акыр зҵазкуа аелементқәа аханатә ишыҟаз еиԥш ааныжьра алыршатәуп».

АЖӘАБЖЬҚӘА РАРХИВ

« Ԥхынгәы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31      

Полезные ссылки

Амузеиқәа

Облако тэгов

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Полезные ссылки

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2025 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.